Мухаммад Али Татаж Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҿ ауснагӡатә ихы алаирхәит

Мухаммад Али Татаж Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҿ ауснагӡатә ихы алаирхәит
26 February 2024 60

2024 шықәса жәабран 25 рзы Дамаск, Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿы иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Александр Ефимови Ацҳаражәҳәарҭа арратә атташе, аконтр-адмирал Олег Корниенкои иҟарҵаз ааԥхьарала Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Мухаммад Али Татаж Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҿ Аԥсадгьыл Ахьчаҩ имш иазкны имҩаԥысуаз ауснагӡатә ихы алаирхәит.

Мухаммад Али Александр Ефимови Ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәеи дрыдныҳәалеит.

Ацеремониа иалахәын Шьамтәылатәи Арабтә республика адәныҟатәи аусқәа рминистрра, Шьамтәыла аккредитациа зманы иҟоу адипломатиатә миссиақәа рхадацәа, рхаҭарнакцәа, ацҳаражәҳәаҩцәа, АИХқәа русзуҩцәа, асасцәа.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: