Заур Ӷәаџьаа авиаеилахәыра ареис аартра ацеремониа далахәын

Заур Ӷәаџьаа  авиаеилахәыра ареис аартра ацеремониа далахәын
1 November 2023 222

Жьҭаара 31 азы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу аҷыдалкаатә зинмчнагӡа змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа ихы алаирхәит авиеилахәыра Боливиатәи авиациа ареис ҿыц аартра ацеремониа Амилаҭрацәатә ҳәынҭқарра Боливиа аҷыдалкаатә зинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Себастиан Мишель инаԥхьарала.

Ареис еиманадоит Санта-Круси Каракаси.

Ауснагӡатә мҩаԥысуан Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Симон Боливар» аҿы.

Ацеремониаҿ иқәгылеит Венесуела атуризм аминистр Али Падрон, Боливиа АдәА рминистр Рохелио Маита, ALBA анагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Феликс Пласенсиа.

Ӷәаџьаа ирҭаз анаԥхьара ҭабуп ҳәа ахиҳәааит, атәылақәа рыҩба реиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәӷара аинтерес шааирԥшуа иҳәеит.

Ацеремониа иалахәын ацҳаражәҳәаҩцәеи адипломатиатә миссиақәа рхадацәеи, Венесуела адәныҟатәи аусқәеи атуризм аминистрреи рхаҭарнакцәа.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: