Заур Ӷәаџьаа аинрал Аугусто Николаса Кальдерона Сандино иԥсҭазаара далҵижьҭеи 90-шықәса аҵра иазку аусмҩаԥгатәқәа ихы рылархәит

Заур Ӷәаџьаа аинрал Аугусто Николаса Кальдерона Сандино иԥсҭазаара далҵижьҭеи 90-шықәса аҵра иазку аусмҩаԥгатәқәа ихы рылархәит
21 February 2024 171

Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмч нагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа аинрал Аугусто Николаса Кальдерона Сандино иԥсҭазаара далҵижьҭеи 90-шықәса аҵра азгәаҭара иазку аусмҩаԥгатәқәа ихы рылархәит Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Ареспублика Никарагуа ацҳаражәҳәаҩ Даиси Торрес Боскес инаԥхьарала цәыббра 2024 шықәса жәабран 20 рзы.

Ауснагӡатә мҩаԥган Амилаҭтә пантеон аҿы, Каракас.

Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Ареспублика Никарагуа ацҳаражәҳәаҩ Даиси Торрес Боскеси Латынтәи Америка аусқәа рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Рубен Дарио Молинеи ацеремониа мҩаԥыргеит.

Ацеремониа иалахәын Боливариантәи Ареспублика Венесуела адәныҟатәи аусқәа рминистрра, Венесуела аккредитациа зманы иҟоу адипломатиатә миссиақәа рхадацәа, рхаҭарнакцәа, ацҳаражәҳәаҩцәа, АИХқәа русзуҩцәа, асасцәа.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: