Заур Ӷәаџьаа Боливиа ахьыԥшымра 197 шықәса ахыҵра далахәын

Заур Ӷәаџьаа Боливиа  ахьыԥшымра 197 шықәса ахыҵра далахәын
6 August 2022 277

Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу алкааҷыдеи азинмчнагӡеи змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа нанҳәа 5 азы Боливариантәи Ареспублика Венесуела аҿы иҟоу Амилаҭрацәатә ҳәынҭқарра Боливиа алкааҷыдеи азинмчнагӡеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Себастиан Родриго Мишель Хоффман инаԥхьарала далахәын Амилаҭрацәатә ҳәынҭқарра Боливиа ахьыԥшымра 197 шықәса ахыҵра аныҳәа.

Ацеремониа мҩаԥысит Амилаҭтә Пантеон амонументалтә комплекс аҿы Боливариантәи Ареспублика Венесуела аҿы иҟоу Амилаҭрацәатә ҳәынҭқарра Боливиа алкааҷыдеи азинмчнагӡеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Себастиан Родриго Мишель Хоффман, Боливариантәи Ареспублика Венесуела акультура аминистр Ернесто Вильегас Полиака, Латынтәи Америкеи Карибтәи аекономикатә системеи (SELA) рмаӡаныҟәгаҩ Вальтер Кларемс Ендареи егьырҭ атәыла аиҳабыреи рнапхгарала.

Аныҳәатә церемониа ахыркәшамҭаз Плас-де-лос-Тратадос ашҭаҿ имҩаԥысит аныҳәатә дкылара. Уа ажәахә ҟарҵеит Боливиа алкааҷыдеи азинмчнагӡеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Себастиан Родриго Мишель Хоффмани Боливариантәи Ареспублика Венесуела акультура аминистр Ернесто Вильегас Полиакеи.

Ауснагӡатә иалахәын атәыла аиҳабыра, аккредитациа зҭо адипломатиатә корпус рхаҭарнакцәа, АИХқәа рхаҭарнакцәа.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: