Заур Ӷәаџьаа асахьаҭыхыҩ Геннади Добров играфикатә усумҭақәа рцәыргақәҵа аартра иазкыз ауснагӡатә далахәын

Заур Ӷәаџьаа  асахьаҭыхыҩ Геннади Добров играфикатә усумҭақәа рцәыргақәҵа аартра  иазкыз ауснагӡатә далахәын
22 November 2023 111

Абҵара 21 азы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Сергея Мелик-Багдасаров инаԥхьарала Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа асахьаҭыхыҩ Геннади Добров Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аӡбахә зҳәо играфикатә усумҭақәа рцәыргақәҵа аартра иазкыз ауснагӡатә далахәын.

Ацәыргақәҵа аартын Каракас, Амилаҭтә галереиаҟны.

Асасцәа ирыдгалан аибашьра арыцҳара ныҭкааны иаазырԥшуа арҿиамҭақәа: "Автографы войны", "Реквием" рсериа иаҵанакуа асахьақәа.

Ахәылԥаз напхгара арҭон Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Сергея Мелик-Багдасарови Боливариантәи Ареспублика Венесуела акультура аминистр Ернесто Вильегаси.

Ауснагӡатә иалахәын: Венесуела адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәеи, Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу ацҳаражәҳәаҩцәеи адипломатиатә миссиақәа рхадацәеи, Боливариантәи Ареспублика Венесуела анапхгара ахаҭарнакцәеи.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: