Заур Ӷәаџьаа Венесуела аккредитациа зызуу адипмиссиақәа рхадацәа рвидеоконференциа далахәын

Заур Ӷәаџьаа Венесуела аккредитациа зызуу адипмиссиақәа рхадацәа рвидеоконференциа далахәын
9 February 2021 445

Жәабран 9 2021 шықәсазы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Венесуела аккредитациа зызуу адипмиссиақәа рхадацәа рвидеоконференциа далахәын, днаԥхьан адипломатиатә корпус адекан, Римтәи апапа инунциа, Иԥшьаӡара Альдо Гиордано инаԥхьарала.

Адипкорупс авидеоконференциа азкын атәылахь инеиуа ацҳаражәҳәаҩцәеи, жәларбжьаратә еиҿкаарақәа рхадацәеи: Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Сергеи Мелик-Багдасаров, Боливиа ацҳаражәҳәаҩ Себастиан Мишелле, ПАОЗ ахаҭарнак Паоло Баиаделли, Белоруссиа ацҳаражәҳәаҩ Андреи Молчан, Индонезиа ацҳаражәҳәаҩ Иман Иди, Испаниа ацҳаражәҳәаҩ Хуан Фернандес Триго, Нидерланды ацҳаражәҳәаҩ Роберт Сшудебум, ФАО ахаҭарнак Алексис Боа рԥылареи ООН акоординатор-резидент Питер Громанни Великобританиа ацҳаражәҳәаҩ Ендриу Кеит Сопери атәылаҟынтәи рцареи.

Авидеоконференциа иалахәын адипломатиатә миссиақәа рхадацәа 40-ҩык.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: