Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа Аҟәа еиԥылеит

Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа Аҟәа еиԥылеит
3 March 2021 883

Изаамҭанытәиу 52-тәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа рраунд амҩаԥысра аламҭалаз Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны имҩаԥысит Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа реиԥылара. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба идикылеит Аахыҵ Кавказ азҵаарақәа рзы Евроеидгыла ахаҭарнак Тоиво Клаар, ОБСЕ ахаҭарнак ҷыда Анника Содер, ООН ахаҭарнак ҷыда Азат Лачиниан.

Аиԥылара аартуа Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба ажәадгала ҟаиҵеит амшхәаԥштә азҵаара иалацәажәарц.

"Иазгәаҭатәуп ииасыз аамҭазы Гал араион аҿы аҭагылазаашьа ҭышәынтәаланы ишыҟаз. Иарбанызаалак инцидентк азгәаҭамызт. Ҳәарада закәаншьаҭада аҳәаа ахысразы аҽазышәарақәа ыҟан аха урҭ зегьы рҭыԥ иқәаҳҵон проблемада» ҳәа иҳәеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит коронавирустә инфекциа аҿагылара адинамика алҵшәақәа шаанашьҭыз.

"Аԥсныҟа иаашьҭын Урыстәылатәи амобилтә госпиталь. Иара убасгьы урыстәылатәи аҳақьымцәа ацхыраара ҟарҵон Гәдоуҭатәи аковид-центр аҿы. Арҭ зегьы ҳҿаԥхьа игылаз ашәарҭарақәа аԥырхит» ҳәа иҳәеит Ҭыжәба.

Иара ҭабуп ахиҳәааит жәларбжьаратәи аилазаарақәа COVID-19 аҿагылараҿы иҟарҵоз ацхыраара.

"Амчра ахамырхәараз адокумент аицеиқәшаҳаҭреи анапаҵаҩреи арегион аҿы ашәарҭадареи аҭынчреи ишиашоу ирыдҳәалоуп. Ааигәатәи Ашьха Ҟарабахтәи ахҭысқәа иаҳдырбеит арегион аҿы ашәарҭара шыҟоу, иҟалашагьы уаҩы ишизымдыруа» ҳәа иҳәеит аминистр ихаҭыԥуаҩ.

Иракли Ҭыжәба уи адагьы иазгәеиҭеит Аԥсны агәҭынчымра шцәырнаго Қырҭтәыла абџьарла аҽеиқәыршәара.

Аахыҵ Кавказ азҵаарақәа рзы Евроеидгыла ахаҭарнак Тоиво Клаар иазгәеиҭеит пандемиа Женеватәи аиҿцәажәарақәа рымҩаԥгара анырра шанаҭаз, уажәы уаанӡатәи амҩаԥгашьахь аиасра алшоит ҳәа дышгәыӷуа.


"Евроеидгыла агәахәара ду анаҭоит ООН апроектқәа жәпакы рԥаразоужьра ахьалыршахаз коронавирус ахҽразы. Аиҿцәажәарақәа рымшхәаԥштә иаҵанакуа азҵаарақәа зегьы еидкыланы рылацәажәара хымԥадатәиуп» ҳәа иҳәеит Клаар.

ОБСЕ ахаҭарнак ҷыда Анника Содер, раԥхьаӡа акәны Аҟәа лыҟазаара инадҳәаланы илҳәеит аиԥылара ара амҩаԥгара агәахәара ду шылнаҭо.

"Ҳара ҳзы акраҵанакуеит Женеватәи аиҿцәажәарақәа ирылшоны иҟоу,аибашьра ааха зауз ауааԥсыра рыбзазареи рыԥсҭазаареи реиӷьтәразы» ҳәа лҳәеит лара.

ООН ахаҭарнак ҷыда Азат Лачиниан иҳәеит Аԥсны COVID-19аҿагылараҿы аихьӡарақәа дышреигәырӷьо.

"Иаҳҳәар ҳҭахуп Агәабзиарахьчаразы адунеизегьтәи аиҿкаареи шәареи шәусеицура хара шамоу COVID-19 аламырҵәаразы. Ари аусеицура ҳара пату ҳзақәуп. Абри аганахь ала Жәларбжьаратәи аилазаара еснагь ишәыцхраалоит» ҳәа иҳәеит иара.

Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭынчреи рҭышәныртәаларазы Женеватәи аиҿцәажәарақәа хацыркын 2008 шықәсазы, Аахыҵ Уаԥстәылатәи ахҭысқәа рышьҭахь. Аиҿцәажәарақәа рҟны абжьаҟазара мҩаԥыргоит Урыстәыла, ЕАА, ООН, ОБСЕ, ЕС рхаҭарнакцәа.

Изаамҭанытәиу 52-тәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа рраунд мҩаԥысраны иҟоуп хәажәкыра 24-25 рзы.


Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: