Иракли Ҭыжәба Урыстәыла АдәАР аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Галузин диԥылеит

Иракли Ҭыжәба Урыстәыла АдәАР аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Галузин диԥылеит
30 November 2023 155

Абҵара 30 азы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ, Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыҟны аԥснытәи аделегациа ахада Иракли Ҭыжәба диԥылеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Михаил Галузин.

Аԥснытәи аган ахь ала аицәажәара далахәын Урыстәыла иҟоу Аԥсны азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа.

Аганқәа алацәажәеит ԥхынҷкәын 5-6 рзы иазыԥхьагәаҭоу Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа 59-тәи реиԥылара амшхәаԥштә азҵаара. Иара убас иазааҭгылеит ашәарҭадареи аҭышәнартәалареи раԥҵараазы ишыхадоу Аԥсни Қырҭтәылеи рыбжьара амч ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра.

Иара убасгьы, аиԥылараҿы ишьҭыхын аидыслара аԥырҟәҟәареи анырра аҭареи Рмеханизм (МПРИ) ахацыркра азҵаара. Иракли Ҭыжәба иҳәеит Еиду амилаҭқәа реилазаара рхаҭарнакцәа рыла, Аԥсны аиҿцәажәара иалахәу ишырзынанашьҭыз амеханизм аусура арԥсасира алзыршо ажәалагала ҿыцқәа.

Агуманитартә зҵаарақәа рзы аҩбатәи аусутә гәыԥ аусура аҳәаақәа ирҭагӡаны ирзааҭгылан итрадициахаз азҵаарақәа: жәларбжьаратәи аҭахкаара аԥыхреи Аԥсны ауааԥсыра рхы иақәиҭны рныҟәареи, ҩ-ганктәиаинырреи.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: