Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҟны аҽазныкгьы амч ахамырхәара азҵаара алацәажәара мап ацәкуп

Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҟны аҽазныкгьы амч ахамырхәара азҵаара алацәажәара мап ацәкуп
12 December 2019 1375

Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба зхадараҿы дыҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аделегациа иалахәуп Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба, Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцха Лаша Аҩӡбеи Артур Гагулиеи.

Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа ииубилеитәу, 50-тәи рраунд, Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, Қырҭтәыла, Урыстәыла, ЕАА рхаҭарнакцәа алархәны, ООН, ОБСЕ, ЕС реицхантәаҩрала имҩаԥысит ԥхынҷкәын 11 рзы.

Аицхантәаҩцәа агәҭынчымра рызцәырнагеит Аахыҵ Уаԥстәылеи Қырҭтәылеи рҳәааҟны аҭыԥ змоу аибарххарақәеи амшхәаԥштә азҵаарақәа жәпакы рганахь ала аганқәа рпозициақәа реизааигәахара алмыршареи. Изаамҭанытәиу араунд асессиа аартуа дара алахәылацәа зегь рахь ааԥхьара ҟарҵеит иҟоу апроблемақәа рыӡбразы аконстркутивтә знеишьа аадырԥшырц.

Убри аан аицхантәаҩцәа рықәгыларақәа раан ацхантәаҩцәа азааҭгылара азыруит Аԥсны, Гал араион аҿы аҭагылазаашьа шҭынчу, аҭышәынтәалара шамоу. Уи адагьы иазгәаҭан гал араион ауааԥсыра адокументқәа роура иадҳәалоу азҵаарақәа жәпакы рыӡбраҿы апозитивтә динамика аҭыԥ шамоу.

Аԥсуа ган аҽазныкгьы ишьақәнарӷәӷәеит амшхәаԥштә азҵаарақәа зегьы рганахь ала ишазыхиоу аусура амҩаԥгара. Убри аан иҟанаҵеит иара агәанала урҭ рыӡбразы хра змоу ҳәа иԥхьаӡоу ажәадгалақәа.

Агуманитартә зҵаарақәа рыӡбра иазырхоу аԥсуа ган ажәадгалақәа Қырҭтәыла ахаҭарнакцәа рганахь ала иахәҭаз азхьаԥшра амоуит, акыршықәса раахысгьы иӡбамкәа иҟоуп.

Урыстәылатәи аделегациа акәзар инаҵшьны иазгәанаҭеит Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа русура ацҵара аҵакы аманы ишашьо.

Урыстәыла, Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла рделегациақәа ажәалагала ҟарҵеит амч ахамырхәаразы жәларбжьаратәи ахәдықәҵарақәа рзы адокумент аус аицадулареи аицеиқәшаҳаҭреи хықәкы хаданы иԥхьаӡахарц.

Абри ахырхарҭала аусура аанкылоуп Қырҭтәылеи ЕААи рхаҭарнакцәа идеструктиву рпозициа иахырҟьаны. Дара, абри адокумент иарбанызаалак аспектқәа рылацәажәара мап ацәыркуеит.

Убри аан Қарҭ, Аахыҵ Уаԥстәыла аҳәааҿы, Цнелис ақыҭаҿ аполицатә блокпост дыргылеит. Цхинвал апост ықәгатәуп ҳәа шырҳәогьы ақырҭуа гна ара рыҟазаара иацрымҵозар иагдырхом.

Изаамҭанытәиу Женеватәи аиҿцәажәарақәа азыԥхьагәаҭоуп 2020 шықәса хәажәкыра 31 рзы.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: