Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа Аҟәа ирыдыркылеит

 Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа Аҟәа ирыдыркылеит
21 September 2021 596

Цәыббра 21 азы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба дырԥылеит Аахыҵ Кавказ аҭынчреи аҭышәынтәалареи рзы аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа. 

Аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа реилазаара иалахәын: Аахыҵ Кавказ азҵаарақәа рзы Евроеидгыла ахаҭарнак ҷыда Тоиво Клаар, ООН ахаҭарнак Џьихан Султаноглу, Аахыҵ Кавказ аҟны ОҨСЕ ахантәаҩ ихаҭарнак ҷыда Анника Седер.

аиԥылара иатема хаданы иҟан изаамҭанытәиу Жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа 54-тәи рраунд амшхәыԥштә азҵаара.

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба инаҵшьны иазгәеиҭеит аԥсуа ган азы ихадараны иҟоу азҵаара Қырҭтәыла амч ахамырхәараз адокумент анапаҵаҩра шакәу.

Иара иҳәеит аполитикатә зҵаарақәа жәпакы рҟны иарбанызаалак ԥхьацарак шыҟамгьы аԥсуа ган женеватәи аформат Аԥсны егьырҭ жәларбжьаратәи атәылақәа ираҟараны рпозициа атәы ахьаадырԥшуа ҭыԥны ишахәаԥшуа.

Ҭыжәба агәҭынчымра ааирԥшит Қырҭтәыла бџьарла аҽахьеиқәнаршәо азы. Иара жәларбжьаратәи абжьаҟазацәа ааԥхьара риҭеит ари апроблема азхьаԥшра арҭарц, иахәҭаны иҟоу ауснагӡатәқәагьы рыдыркыларц.

Аԥсуа ган аконструктивтә диалог иазыхиоуп агуманитартә ҟазшьа змоу азҵаарақәа рҟны ҳәа иҳәеит Ҭыжәба.

Аахыҵ Кавказ аҭынчреи аҭышәынтәалареи рзы аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа ирҳәеит аҵак ду аманы ишахәаԥшуа аимакқәа раԥырҟәҟәаареи рызхьаԥшреи рзы Амеханизм аусура аиҭалагара.

Изаамҭанытәиу Женеватәи аиҿцәажәарақәа 54-тәи рраунд азыԥхьагәаҭоуп 2021 шықәса жьҭаара 12-13 рзы.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: