Даур Ақаҩба Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Азинмчы нагӡа змоу Ацҳаражәҳәаҩ ҷыда Семена Григорьев имшира идиныҳәалеит

Даур Ақаҩба Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Азинмчы нагӡа змоу Ацҳаражәҳәаҩ ҷыда Семена Григорьев имшира идиныҳәалеит
1 July 2017 966
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Азинмчы нагӡа змоу Ацҳаражәҳәаҩ ҷыда Семена Григорьев имшира идиныҳәалеит

Адныҳәараҟны иаҳәоит:

«Шәара политикк иҳасаб ала иналукааша хаҭалатәи шәҟазшьақәеи шәыхьӡ-шәыԥшеи Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟаполитикатә курс анагӡара иацхраауеит, иарҭбаауеит ҳтәылақәа рыбжьара астратегиатә усеицураз аинырра.

Аԥсны ахә ҳаракны иршьоит Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа аус ацура, иагьазыхиоуп еиуеиԥшым азҵаара рацәа рыӡбра аганахь ала ԥхьаҟагьы иазыԥхьагәаҭоу амҩала ацара.

Агәра згоит шәпрофессионализм ҳараки шәԥышәа дуи шәҳәынҭқарра аинтересқәа рыҵагылара ишазыхиоу, Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы имҩаԥыжәго аусура хра аманы ишыҟарҵо.

Аҭагылазаашьа схы иархәаны ҭабуп ҳәа шәасҳәарц сҭахуп иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны асуверинитети ашәарҭадареи рырӷәӷәаразы имҩаԥыжәго аусқәа рзы» ҳәа.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: