Даур Ақаҩба Карен Мирзоиан дидныҳәалеит

Даур Ақаҩба Карен Мирзоиан дидныҳәалеит
28 July 2017 867
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Ашьха Ҟарабах Адәныҟатәи аусқәа рминистр Карен Мирзоиан идиныҳәалеит Ашьха Ҟарабах Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аԥҵоижьҭеи 24-шықәса ахыҵра.

Адныҳәалараҟны иҳәоуп:

«Ашьха Ҟарабах Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аԥҵоижьҭеи иаанарԥшуеит апрофессионалтә ҩаӡара аизҳара, азнеишьа ҿыцқәа, еиуеиԥшым жәларбжьаратәи аиныррақәа рҟны аартра, адунеитә еилазаара атәылақәа аус рыцура аҭаххара.

Алҵшәа бзиа иазырхо адипломатиатә корпус аусзуҩцәа русура шәтәыла аизҳараҿы илагала дуны иҟоуп, цхыраара ду ауеит ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара аизыҟазаашьақәа рырҿиаразы, еицаҳзеиԥшу апроблемақәа рыӡбразы.

Агәра згоит ԥхьаҟагьы иконструктивтәу азнеишьақәа ишрылдыршо Аԥсны Аҳәынҭқарреи Ашьха Ҟарабахтәи Ареспубликеи реимадарақәа рырҿиара.»

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: