Боливариантәи Ареспублика Венесуела Ахьыԥшымра Амш иазкны Даур Ақаҩба Хорхе Альберто Арреаса Монсеррат адныҳәаларатә шәҟәы изишьҭит

Боливариантәи Ареспублика Венесуела Ахьыԥшымра Амш иазкны Даур Ақаҩба Хорхе Альберто Арреаса Монсеррат адныҳәаларатә шәҟәы изишьҭит
5 July 2018 575
Боливариантәи Ареспублика Венесуела Ахьыԥшымра Амш иазкны Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Боливариантәи Ареспублика Венесуела Адәныҟатәи аусқәа рминистр Хорхе Альберто Арреаса Монсеррат адныҳәаларатә шәҟәы изишьҭит

Ашәҟаҿы иаҳәоит:

Венесуела аҭоурых аҿы 1811 шықәса ԥхынгәы 5 амш акырӡа зҵазкуа хҭысны иҟалеит, ихьыԥшым аҳәынҭқарра аргылараҿы ихадоу хырхарҭамҩаны ишьақәгылеит, уи Венесуела ауаажәлар зхала иҟоу ҳәынҭқарраны аҟаларазы агәаҳәара шрымоу символра азнауеит. Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра аиура иадҳәалоу аҭагәҭасрақәа бзиаҵәҟьаны издыруа, гәык ала ишәыцеиҩнашоит ари амилаҭтә ныҳәа.

Гәахәа дула иазгәасҭарц сҭахуп, иаҿырԥшны иаҳҳәозар, аамҭа кьаҿ иалагӡаны, пату еицықәҵареи агәрагареи шьаҭас иззышьҭоу, ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара аиҩызаратә еимадара ӷәӷәа шыҿиаз. Аԥсны ҳаԥхьаҟа иҳабжьоу аполитикатә диалоги планрацәалатәи аимадарақәа рырҿиара гәҭакыс иамоуп. Агәра ганы сыҟоуп, анаҩсгьы ҳамчеилаҵала астратегиатә еиҩызареи ҳусеицуреи иацҵахап ҳәа.

Шәара шәаҳаракыра, абри амш лаша аҽны исҭахуп Боливариантәи Ареспублика Венесуела аиашьаратә жәлар аҭынчреи, аманшәалареи, аизҳазыӷьареи рзеиӷьасшьарц»


Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: