Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Урыстәылатәи Афедерациа Аконституциа амш азгәаҭара инамаданы Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр сергеи Лавров дидныҳәалеит.
Адныҳәалараҿы иаҳәоит:
«Аконституциа Амш – ҳаамҭазтәи Урыстәылатәи аҳәынҭқарра асимвол хадақәа иреиуоуп. Аконституциа адкылара инаркны имҩасыз ашықәсқәа зегьы Урыстәылатәи Афедерациа аҩнуҵҟатә политикаҿы аконституциатә принципқәа ирықәныҟәо иааиуеит, жәларбжьаратәи апозициақәагьы акырӡа иарӷәӷәеит. Иахьа Урыстәылатәи Афедерациа – иӷәӷәоу, аҿиара иаҿу ҳәынҭқарроуп, жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рзы зыгәра гоу аиҩызаратә тәылоуп.
Аԥсныи Урыстәылеи рыбжьара ишьақәгылаз аимадареи аусеицуратә еизыҟазаашьақәеи рыхә ҳаракны иаҳшьоит, ԥхьаҟагьы еиҳа-еиҳа иҿиалап ҳәа агәра ганы ҳаҟоуп. Агәра ганы сыҟоуп ҳамчқәа еилаҵаны ԥхьаҟагьы иҳалҳаршап ҳәа ҳажәларқәеи ҳтәылақәеи ринтересқәеи ҳастратегиатә партниорреи реизырҳара, рырӷәӷәара.»