Даур Ақаҩба Боливариантәи Ареспублика Венесуелеи Ареспублика Никарагуеи иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәаҩ Ӷәазаа Заур имшира идиныҳәалеит

Даур Ақаҩба Боливариантәи Ареспублика Венесуелеи Ареспублика Никарагуеи иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәаҩ Ӷәазаа Заур имшира идиныҳәалеит
4 August 2019 894

Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Боливариантәи Ареспублика Венесуелеи Ареспублика Никарагуеи иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәаҩ Ӷәазаа Заур Константин-иԥа имшира инадҳәаланы адныҳәаларатә шәҟәы изишьҭит.

Адныҳәалараҟны иаҳәоит:

«Шәара Аԥсны Ацҳаражәҳәаҩык иаҳасабала имҩаԥыжәго ганрацәалатәи аусура аҵакы ду амоуп Аԥсни Венесуелеи, Никарагуеи рыбжьара аиҩызареи, аидгылареи аусеицуреи ԥхьаҟагьы рырҿиаразы. Ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит абри аус аҟны шәара шәлагала, Латынтәи Америкаҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра аинтересқәа рыхьчаразы иҟашәҵо аҽазышәара абасеиԥш аҭакԥхықәра ду змоу аус аҿы ақәҿиарақәа роура алнаршоит ишәымоу аԥышәа ду, аусӡбара уадаҩқәа ишәаны-изаны рызнеира, шәыхьӡ-шәыԥша.

Агәра згоит шәара шәдырреи шәылшареи хра аманы имҩаԥыжәго шәусуреи ҳҳәынҭқарреи ҳажәлари ԥхьаҟагьы ихәарҭа дуны ишырзыҟало».

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: