Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Тувалуҟа адныҳәаларатә шәҟәы ашьҭит

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Тувалуҟа адныҳәаларатә шәҟәы ашьҭит
1 October 2017 700
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Тувалуҟа адныҳәаларатә шәҟәы ашьҭитАхьыԥшымра мшныҳәа ду аҳаҭыразы.

Адныҳәалараҟны иаҳәоит:

«1978 шықәса жьҭаара 1 Тувалу аҭоурых аҟны акрызҵазкуа рыцхәны иҟоуп. Иара символны иазыҟоуп шәыжәлар ахақәиҭреи ахьыԥшымреи рзы иҟарҵоз аҽазышәарақәа риааира. Тувалу ажәлари, анапхгареи ирыдаҳныҳәалоит атәыла амилаҭтә ныҳәа ду – Ахьыԥшымра амш. Акрызҵазкуа абри амш аҽны ишәзеиӷьаҳшьоит аманшәалара, аҭынчра. Агәра аагоит ҳтәылақәа еидызҳәало аиҩызаратә мчрақәа еиҳа-еиҳа ишыӷәӷәахо, еиуеиԥшым аусхкқәа рҟны ҳаиҩызаратә усеицура еиҳагьы ишыӷәӷәахо».

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: