Одиссеи Бигәаа адныҳәаларатә шәҟәы неишьҭит Бассам ас-Саббаг ихьӡала

Одиссеи Бигәаа адныҳәаларатә шәҟәы неишьҭит Бассам ас-Саббаг ихьӡала
26 October 2023 181

Бассам ас-Саббаг Шьамтәылатәи Арабтә республика аҳәаанырцәтәи аусқәеи аџьынџьуаа русқәеи рзы аминистр ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵоуп.

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа шьамтәылатәи иколлега ихьӡала адныҳәаларатә шәҟәы ишьҭит.

Адныҳәалараҿы иаҳәоит:

«Шәара шәнысымҩа ажәлари аԥсадгьыли ринтересқәа рыхьчара, апрофессионализм ҳараки адырра ҵаулақәеи ирҿырԥшыгоуп.

Аԥсни Шьамтәылеи рыбжьара аизыҟазаашьақәа аилибакаареи аиҩызареи шьаҭас ирыманы иҿиоит.

Сгәыӷуеит ԥхьаҟагьы ҳаинырра иацаҳҵалап ҳәа».

Одиссеи Бигәаа иколлега изеиӷьеишьеит аҭакзыԥхықәу ари аҭыԥ аҿы ақәҿиара дуқәа.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: