Аинцидентқәа раԥырҟәҟәаарази хырыҩ рыҭарази Амеханизм алахәылацәа 48-тәи аиԥылара мҩаԥыргеит

Аинцидентқәа раԥырҟәҟәаарази хырыҩ рыҭарази Амеханизм алахәылацәа 48-тәи аиԥылара мҩаԥыргеит
26 July 2017 893
Аинцидентқәа раԥырҟәҟәаарази хырыҩ рыҭарази Амеханизм алахәылацәа 48-тәи аиԥылара мҩаԥыргеит ԥхынгәы 26 рзы Гал ақалақь аҟны. Аинцидентқәа раԥырҟәҟәаарази хырыҩ рыҭарази Амеханизм амшхәаԥштә азҵаараҟны иқәыргылан аҳәынҭқарратә ҳәааҟны еиуеиԥшым ахҭысқәа рызҵаара.

Аинцидентқәа раԥырҟәҟәаареи хырыҩ рыҭареи рзы Амеханизм аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысыз аиԥылара иалахәын: Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Владимир Арлан, Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура Галтәи араионтә ҟәша аиҳабы Ҭимур Шергелиа, Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура ацентртә аппарат аҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Асҭамур Колбаиа, Адәныҟатәи аусқәа рминистр ицхырааҩ Гьаргь Думаа.

Аганқәа изаамҭанытәиу аилатәара цәыббра 19 2017 шықәса рзы имҩаԥыргарц еиқәышаҳаҭхеит.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: