Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа ашәҭқәа рышьҭаҵара ацеремониа далахәын

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба  Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа ашәҭқәа рышьҭаҵара ацеремониа далахәын
22 June 2020 461

Есышықәса рашәара 22 рзы адунеи аҿы иазгәарҭоит Аџьынџьтәылатә еибашьра ду алагара амш – агәалашәареи алахьеиқәреи Рымш. Имҩаԥган иара иахьа Аҟәагьы.

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа аибашьра иалагеижьҭеит 79 шықәса аҵра иазкыз шәҭқәа рышьҭаҵара ацеремониа далахәын. Идырым асолдаҭ ибаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа иалахәын Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Аԥсны аиҳабыра рхаҭарнакцәа, араионқәа рхадацәа, Аҟәа ахадара аусуҩцәа, Аԥсны иҟоу Россотрудничествои Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭеи рхаҭарнакцәа. 

Ауснагӡатә еицымҩаԥыргеит Аԥсны иҟоу Россотрудничества ахаҭарнакра иацымҩаԥнагоит Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеи. Аҟәа иара адгылара арҭоит аҳҭнықалақь ахадареи Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭеи.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: