Аԥсны ААР аҳәамҭа ҟанаҵеит Аԥсны ауааԥсыра рзы ҩ-тәылауаҩрак аиуразы аиқәшаҳаҭра анапы шаҵаҩхо

Аԥсны ААР аҳәамҭа ҟанаҵеит  Аԥсны ауааԥсыра рзы ҩ-тәылауаҩрак аиуразы аиқәшаҳаҭра анапы шаҵаҩхо
17 March 2022 323

Аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны аԥснытәи атәылауаа ирмариоу аформала Урыстәыла атәылауаҩра аиуразы арзаҳал аҩра рылшоит. Урыстәыла атәылауаҩрахь рыдкылара аҭагылазаашьақәа ҳәаақәҵахоит Урыстәыла ахада Владимир Путин иӡбрала.

Ирмариоу атәылауаҩра иоура ганктәны иҟоуп. Урыстәыла атәылауаа Аԥсны атәылауаҩра ырмарианы ироуам. Аиқәшаҳаҭра аԥснытәи атәылауаҩра зеиԥш ҟазшьалагь мариалатә ҟазшьалагь аиура аԥҟара аԥсахуам.

Аҳәынҭқаррақәа рыҩба ртәылауаҩра змоу ахаҿқәа иааиԥмырҟьаӡакәа иахьынхо аҳәынҭқарра азакәанԥҵара инақәыршәаны асоциалтәи, амедицинатәи маҵзура, аҵарадырра роур рылшоит.

Арра зхызгар зыхәҭоу, ҩ-тәылауаҩрак змоу ахаҿқәа аррамаҵзура иахысроуп иааиԥмырҟьаӡакәа иахьынхо атәылаҿы. Атәылауаҩ аррамаҵзура дахысхьазар, егьи атәылаҿы аррамаҵзура иахысра ахәҭам.

Аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны иазыԥхьагәаҭоуп аҭагылазаашьа: аҳәынҭқаррақәа рыҩба ртәылауаҩ, атәылақәа руак адипломатиатә еизыҟазаашьа ззамоу атәылаҿы инеираан азин имоуп уи аҳәынҭқарра адипломатиатәии аконсултәии усҳәарҭақәа ирырҭо ахьчара иоурц.

Аиқәшаҳаҭра анапы аҵанаҩуеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра, Урыстәылатәи Афедерациа ақәшаҳаҭра ашьҭахь.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: