Инал Арӡынбеи Мариа Захаровеи аконсультациақәа мҩаԥыргеит

Инал Арӡынбеи Мариа Захаровеи аконсультациақәа мҩаԥыргеит
29 April 2022 286

Урыстәыла ААР аофициалтә хаҭарнак Мариа Захаровеи Аԥсны ААР апресс-маҵзуреи аԥснытәи АИХқәа рхаҭарнакцәеи реиҿцәажәара авидеоконференциа мҩаԥысит Аԥсны ААР амедиацентр аҿы мшаԥы 29 азы.

Испикер хадацәаны иҟан: аԥснытәи аганахь ала – Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба, урыстәылатәи аганахь ала – Урыстәыла ААР аинформациеи акьыԥхьи Рдепартамент адиректор Мариа Захарова.

Авидеоконференциа аҳәаақәа ирҭагӡаны ирылацәажәан Аԥсны ААР апресс-маҵзуреи Урыстәыла ААР аинформациеи акьыԥхьи Рдепартаменти русеицура азҵаарақәа.

Азхьаԥшра ҷыда рыҭан аинформациа ҳаамҭазтәи амедиаҵакыраҿ аларҵәара атехнологиақәа, Мраҭашәара атәылақәа, Қырҭтәыла, Украина рҟынтәи ииашам аинформациа аларҵәара аҿагылара аформатқәа.

Аконсультациақәа рымҩаԥысраан Инал Арӡынба Аԥсны ААР амедиацентр аусуреи адәныҟаполитикатә усбарҭа аинформациатә политикеи ртәы еиҭеиҳәеит.

Мариа Захарова Урыстәыла ААР аинформациатә хырхарҭала аусура, асоциалтә ҳақәа рхархәара, афеикқәа рҿагылараҿ рԥышәа ртәы далацәажәеит.

Ауснагӡатә анҵәамҭаз имҩаԥысит апресс-конференциа. Мариа Захарова ажурналистцәа рызҵаарақәа рҭакқәа ҟалҵеит.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: