Аԥсны ААР ахада иеиҳабыратәым еиҿкаарақәак рыпроектқәа дкылашьа рымамкәа дахәаԥшуеит

Аԥсны ААР ахада иеиҳабыратәым еиҿкаарақәак  рыпроектқәа дкылашьа рымамкәа дахәаԥшуеит
19 January 2022 478

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба ареспубликаҿы аус зуа жәларбжьаратәи еиҳабыратәым аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа: Аԥсны иҟоу ПРООН аофис ахада Рафис Абазов, аиҿкаара World Vision Аԥсны иҟоу ахада Оксана Лашәриаԥҳа, ахҵәацәа рзы Даниатәи Ахеилак акоординатор Ада Џьынџьалԥҳа идикылеит.

Адәныҟаполитикатә усбарҭа ахада ахәшьара бзиа риҭеит апроектқәа асоциал-економикатә ҿиара, абизнес маҷи абжьаратә бизнеси ирзырхоу, аграртә сектор зырҿио, агуманитартә цхыраара ҟазҵо.

Убри аан Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба иеиҳабыратәым еиҿкаарақәак рыпроектқәа дкылашьа рымамкәа дахәаԥшуеит.

Хаҭала иазааҭгылан аиҿкаара ПРООН имҩаԥнагоз асоциологиатә зҵаараҭҵаареи COBERM апроекти.

Аиԥылараҿы Инал Арӡынба Аԥсны иҟоу ПРООН аофис ахада Рафис Абазов иеиҳәеит азҵаараҭҵаара амҩаԥгараан (2021 шықәса рашәара-нанҳәа) аҩныҵҟаполитикатә ҟазшьа змоу азҵаарақәа шаҵанакуаз иара убасгьы Аԥсни Қырҭтәылеи реизыҟазаашьа аимабзиара азҵаара шышьҭнахуаз.

"Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы астатистикатә усуразы" азакәан инақәыршәаны аҳәынҭқарратә мчрақәа роуп азин змоу асоциологиатә зҵаараҭҵаарақәа рымҩаԥгара. Шәара шәеиҿкаара уи азин амам. Уи адагьы ари аусура иалахәызар ауп астатистиказы Аҳәынҭқарратә еилакы» ҳәа иҳәеит аминистр.

Арӡынба иазгәеиеҭит асеиԥш агәаанагара шрымоу Аԥсны Апрокуратура хадеи Аԥсны АШәМеи.

Хазы иалацәажәан COBERM апроект анагӡара. Аминистр иҳәеит апроект «Аԥсны атәылауаа рыжәҩа ҭнаҟьоит, аекспертцәеи аҿари рыҩаӡарала ақырҭцәеи аԥсуааи рдиалог шьақәыргылатәуп ҳәа ҳәо» ҳәа.

"Ари аҩыза апроект Аԥсны аҵакыраҿы амҩаԥгара ҟалом. Ари азгәашәҭ, уаҳагьы шәаламцәажәан. Ҳара азин шәаҳҭом» ҳәа иҳәеит Инал Арӡынба.

ПРООН аофис ахы иаднаҵеит аринахыс асеиԥш иҟоу апректқәа анапы шрыланамкуа азы

.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: