Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аусшәҟәқәа рыдкылара ишалаго азы алаҳәара ҟанаҵоит

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аусшәҟәқәа рыдкылара ишалаго азы алаҳәара ҟанаҵоит
30 March 2023 201

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Аԥсны атәылауаа рзы Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Адипломатиатә Академиа аҭалареи амагистратуреи аспирантуреи рыпрограммақәа рыла аҵара аҵареи рзы аконкурстә лыԥшаара алахәхаразы ихымԥадатәиу аусшәҟәқәа рыдкылара ишалаго азы алаҳәара ҟанаҵоит.

Аҭаларазы аконкурс алахәхара ҟалоит абарҭ амагистратура апрограммақәа рыла:

- ахырхарҭа «Аекономика», апрограмма «Жәларбжьаратәи аекономикеи абизнеси»;

- ахырхарҭа «Азиндырра», «Жәларбжьаратәи ауаажәларратә зин», «Жәларбжьаратәи аекономикатә зин» апрограмма;

-ахырхарҭа «Менеџьмент», «Адәныҟаекономикатә усуреи ашәарҭарақәа рнапхгараҭареи» апрограмма (латәарадатәи аҵара аформа). Аспирантура аҭаларазы аконкурс алахәхара алыршахоит анаукатә занааҭқәа ргәыԥқәа «Аекономика», «Азин»; «Аҭоурыхтә наукақәа», «Аполитологиа».

Аконкурстә ԥышәарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны апретендентцәа иреиӷьу алххоит, урҭ ахәҭакахьала Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Адипломатиатә Академиа аҿы хәыда-ԥсада (абиуџьеттә шьаҭала) аҵаразы алшара роуеит. Актәи аетап аҟны Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ахь абри аелектронтә ԥошьҭа ала secretariat@mfaapsny.org абарҭ аусшәҟәқәа рынашьҭа ахәҭоуп:

-иалху ахырхарҭа зну арзаҳал;

-адиплом ахкьыԥхь, мамзаргьы иреиҳаӡоу аҵараиурҭа аҿы аҵара шиҵо азы адырранҵа;

-атәылауаҩратә (аҩныҵҟатәи) атәылауашәҟәы, иара убас Аԥсны атәылауаҩ аҳәаанырцәтәи итәылауаҩшәҟәы рыхкьыԥхьқәа.

Аусшәҟәқәа рыдкылара мҩаԥыслоит мшаԥымза 17, 2023 шықәса рҟынӡа.

Аҭел: +7 840 229 75 86

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: