Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра Апротокол аҟәша аиҳабы Алина Ҷанԥҳа еиҭалҳәеит раԥхьаӡа акәны Аԥсны аус шрыдыруло адипломатиатә цәамаҭәа аформеи ААР аусзуҩцәа рмаҵзуратә ҩаӡаратә дыргақәеи (Аԥсны ААР, Цҳаражәҳәарҭақәа, адипломатиатә Хаҭарнакрақәа) русзуҩцәа.
Ацәамаҭәатә форма алагалахоит аофициалтә дипломатиатә протоколтә уснагӡатәқәа раан ахархәаразы.
Ацәамаҭәатә форма иадыргахоит: разныла ихырҷо ажәҩанԥшшәы кьаҿ Колхидатәи ашыц асахьа анҵаны, амаӷрахьарҽ аҿы адипломатиатә ранг аҵакра арбаны.
Адипломатиатә цәамаҭәатә форма аӡыргара мҩаԥгахоит Аԥсны ААР Амедиацентр аҿы.