Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба лаҵарамза 17 аҽны Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аколлектив 29 шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит

Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба лаҵарамза 17 аҽны Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аколлектив 29 шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит
17 May 2022 357

Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра лаҵарамза 17 аҽны 29 шықәса ахыҵит.

Аԥсуа дипломатиа иуадаҩыз насгьы акырӡа зҵазкуаз амҩа ианысит. Аԥсны Аџьынџьтәылатә Еибашьра анцоз 1992-1993 шықәсқәа раан Аминистрра аԥҵара иазкыз Ақәҵара инапы аҵаиҩит Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба лаҵарамза 17, 1993 шықәсазы. Ҳреспублика адипломатиатә школ шьақәгылон аибашьреи уи нахыстәи аамҭа уадаҩи рҭагылазаашьаҿы.

Арҭ ашықәсқәа рзы Ҳминистрра ҳтәыла аинтересқәа зыхьчоуи уи адәныҟаполитикатә хырхарҭа еиҿызкаауеи профессионалтә командахеит.

Ҳаԥсадгьыл жәларбжьаратәи азхаҵара, иара убас ҳшәарҭадара аиқәыршәаразы ихымԥадатәу аҭагылазаашьақәа раԥҵара – ҳхықәкы хадақәа иреиуоуп. Агәра ганы сыҟоуп, ҳамчеилаҵа абзоурала ҳхықәкқәа рынагӡара шҳалшо.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: