Аԥсны иҟоу НПО рыпроектқәа Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы ақәшаҳаҭра роуроуп

Аԥсны иҟоу НПО рыпроектқәа Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы ақәшаҳаҭра роуроуп
30 November 2021 325

Абҵара 29 азы имҩаԥысит Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакыраҿы аусура мҩаԥызго жәларбжьаратәи еиҳабыратәым аиҿкаарақәа рхадацәеи реиԥылара. Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба ари аиԥылара аихшьаалақәа рыла ахҳәаа аиҭеит.

"Аԥсны ААР иазгәанаҭоит Аԥсны иҟоу аиҿкаарақәа иазыԥхьагәарҭо апроектқәа зегьы Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ақәшаҳаҭра аиуроуп» - ҳәа азгәеиҭеит Ҭыжәба.

Аԥсны аха иусԥҟа «Аԥсны Аҳәынҭқарра иаку адәныҟатә политика амҩаԥгараҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрра ароль азы» инақәыршәаны Аԥсны ААР аҿаԥхьа иқәыргылоуп аусдҵа – ООН жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи амаҵзурақәеи русура аишьашәалара амҩаԥгара.

Аҵара, агәабзиарахьчара, ақыҭанхамҩа, егьырҭ агуманитартә хырхарҭақәа рганахь ала имҩаԥысуеи иазыԥхьагәаҭои апроектқәа уажәшьҭарнахыс рымҩаԥгара ҟалоит Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ақәшаҳаҭрала.


X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: