Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмч нагӡеи анапынҵа ҷыдақәеи змоу ацҳаражәҳәаҩ дырԥылеит Ареспублика Никарагуа иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩи Ареспублика Никарагуа иҟоу Боливариантәи Ареспублика Венесуела ацҳаражәҳәаҩи

16 March 2022 631

2022 шықәса хәажәкыра 15 азы Ареспублика Никарагуа иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Александр Хохоликов Ареспублика Никарагуа иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Ирезиденциахь инеиԥхьеит Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмч нагӡеи анапынҵа ҷыдақәеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариеи Ареспублика Никарагуа иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩи Ареспублика Никарагуа иҟоу Боливариантәи Ареспублика Венесуела ацҳаражәҳәаҩ Хосе Франсиско Хавьером Арруе де Паблои.

Александр Хохоликови Хосе Франсиско Хавьер Арруе де Паблои Инар Ладариа идырныҳәалеит Ареспублика Никарагуа аҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмч нагӡеи анапынҵа ҷыдақәеи змоу ацҳаражәҳәаҩыс иҟалара, изеиӷьаршьеит ақәҿиарақәа абри аус аҿы. Аиԥылараан еиуеиԥшым азҵаарақәа рганахь ала агәаанагарақәа еимырдеит, Ацҳаражәҳәарҭақәа русура аинырра иалацәажәеит.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: