Герберт Зальбер иԥылара

Герберт Зальбер иԥылара
15 February 2017 685
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Кан Ҭаниа дидикылеит Аладатәи Кавказ аҟны Евроеидгыла (EUSR) ахаҭарнакс иҟоу Герберт Зальбер. Аиԥылара иалахәын Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра анапынҵаҷыдақәа змоу Ацҳаражәҳәаҩ Ҭенгьиз Ҭарба, Аладатәи Кавказ аҟны Евроеидгыла (EUSR) аофис ахаҭарнакцәа Бьорн Куене, Том Триер и Эммануэль Анкетиль.

Аиԥылараҟны ирылацәажәан аԥсуа-ақырҭуа ҳәааҟны иҟоу аҭагылазаашьа, аушьҭырҭатә ҭыԥқәа Бгоура (Отобаиа) Батаигуара (Набакеви) раркра.

Иара убасгьы ирылацәажәан аекологиатә шәарҭадара азҵаарақәеи Женеватәи аиҿцәажәарақәа рымшхәаԥштә азҵаарақәеи.

Аиԥылара мҩаԥысит аԥхарратә ҟазшьа аманы.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: