Мухаммад Алии Хосе Биоморги аиԥылара рыман

Мухаммад Алии Хосе Биоморги аиԥылара рыман
6 March 2024 69

Дамаск иҟоу Боливариантәи Ареспублика Венесуела Ацҳаражәҳәарҭаҿы имҩаԥысит Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Мухаммад Алии Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿы иҟоу Боливариантәи Ареспублика Венесуела азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Хосе Биоморги реиԥылара.

Аиԥылараҟны ирылацәажәеит Аԥсны Аҳәынҭқарра, Шьамтәылатәи Арабтә республика, Боливариантәи Ареспублика Венесуела рыбжьара аизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара азҵаара.

Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿы иҟоу Боливариантәи Ареспублика Венесуела азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Хосе Биоморг иазгәеиҭеит аҳәынҭқаррақәа рыҩба рыбжьара иҟоу аизыҟазаашьақәа ирымоу аҵакы, агәыӷра ааирԥшит аԥсны-венесуелатә усеицура ԥхьаҟагьы еиҳау аҿиара шаиуа азы.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: