Викториа Маланиаԥҳа астол гьыжь аусура далахәын

Викториа Маланиаԥҳа астол гьыжь аусура далахәын
23 August 2023 136

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә хаҭарнак Викториа Маланиа он-лаин формат ала далахәын Жәларбжьаратәи астол гьыжь «Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла. Урыстәылатәи Афедерациа ареспубликақәа рхьыԥшымра азханаҵеижьҭеи 15-шықәса. Аԥышәеи аԥеиԥшқәеи».

Ауснагӡатә мҩаԥысуан Т. Г. Шевченко ихьӡ зху Приднестровиатәи Аҳәынҭқарратә Университет аҟны.

Аԥсны аганахь ала алахәылацәа:

Максим Ӷәынџьиа – жәларбжьаратәи аимадарақәеи аекономикатә зҵаарақәеи рзы ААУ апроректор.

ПМР аганахь ала алахәылацәа:

Витали Игнатиев - ПМР АдәАР рминистр;

Александр Ватаман - ПМР иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмч змоу ахаҭарнак;

Витали Ианковски – ПМР иҟоу АУА Ахаҭарнакра аиҳабы;

Владислав Соколов - Т.Г.Шевченко ихьӡ зху ПАУ аректор, апрофессор.

Аахыҵ Уаԥстәыла аганахь ала алахәылацәа:

Ахсар Џьиоев - Аахыҵ Уаԥстәыла АдәАР рминистр;

Лиудвиг Чибисов – АУА раԥхьатәи ахада;

Леонид Тибилов - 2012-2017 шш. рзы АУА ахада;

Инал Санакоев – АУА АУ аполитологиеи асоциологиеи ркафедра аиҳабы, апрофессор;

Константин Кочиев –АУА ахада иабжьгаҩ;

Алан Плиев – АУА аҟны иҟоу ПМР аофициалтә Хаҭарнакра аиҳабы.

Ауснагӡатә алахәылацәа рылацәажәеит абарҭ атемақәа:

-Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рҳәынҭқарратә ҭагылазаашьеи аҿиашьеи;

-Приднестровие, Аахыҵ Уаԥстәыла, Аԥсны рыҿиара аиҿырԥшра;

- Приднестровие, Аахыҵ Уаԥстәыла, Аԥсны Урыстәыла реизыҟазаашьақәа распектқәеи рыҿиаратә ԥеиԥшқәеи.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: