Аԥсны ААР ахҳәааҟаҵара

Аԥсны ААР ахҳәааҟаҵара
8 July 2019 704
ОБСЕ Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рганахьала Қырҭтәыла имҩаԥнаго аполитика иадгылоит, аимак аҭышәныртәалара иазырхоуп ҳәа иԥхьаӡаны, убри инамаданы ОБСЕ Апарламенттә ассамблеиа  Лиуксембург имҩаԥысуаз аилатәараҿы арезолиуциа аднакылеит «Аԥсны ауаҩытәыҩса ишәарҭадареи изинқәеи русхк аҟны аҭагылазаашьа» аҵаркны.
Қырҭтәыла инанашьҭуа адокументқәа рыгәра ганы ОБСЕ атәылақәа рпарламентарицәа аиҿкаара зықәныҟәаша апринципқәа еиларгоит, избанзар Қырҭтәыла аган ООН, ОБСЕ, НАТО, Европа Ахеидкыла уҳәа ахы ианархәоит, дара «риаша» рызнаргоит. Ақырҭуа ган аибашьра ашьҭахьтәи аамҭақәа зегьы рзы имҩаԥнаго аполитика еиҭакрак ҳәа аман иҟаԥ Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рганахь ала.
Ақырҭуа делегациа иазнархиаз арезолиуциа апропагандатә штамп змоу адокументқәа роуп шьаҭас иамоу.
Уи адагьы аамҭақәак раԥхьа ОБСЕ Апарламенттә ассамблеиа Урыстәылатәи Афедерациахь Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азхаҵаразы аӡбра архынҳәразы иҟанаҵаз ааԥхьарагьы жәларбжьаратәи азин анормақәеи апринципқәеи ирықәныҟәоны иҟам, ганк аинтересқәа заҵәык роуп изызку.
ОБСЕ аӡбамҭа Қырҭтәыла агәы иахәандаз ҳәа ауп ишрыдыркылаз. Асеиԥш аҩаӡара змоу жәларбжьаратәи аиҿкаара абри еиԥш аҳәамҭа ахьыҟанаҵо оумашәа иубаша акоуп.
Угәы унархьуеит Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхаҵара Аԥсны иқәынхо, милаҭрацәала еилоу ажәлар рыгәҭыха шаанарԥшуазы аилакаара ахьыҟам.
Иазаҳаԥхьаӡоит апарламентарицәа ақырҭуа-аԥсуа еимакы еиҳа шьаҭанкыла аҭҵаара рҭахызҭгьы ирыдыркылоз аӡбрақәагьы еиҳа ииашаны ирыдыркылозаарын, ақырҭуа прапогандагьы асеиԥш анырра рнаҭомызт ҳәа.
ОБСЕ Апарламенттә ассамблеиа анапхгарахь ааԥхьара ҟаҳҵоит аполитика ҟазшьа змоу акониунктуртә проектқәа абжьыҭирахь рнагара рҽацәхьаркларц.


Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: