Мартин Ҭаркьыл ахҳәаа ҟаиҵеит

Мартин Ҭаркьыл ахҳәаа ҟаиҵеит
29 January 2024 47

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр иабжьгаҩ Мартин Ҭаркьыл ахҳәаа ҟаиҵеит: 

«Аԥсны Аҳәынҭқарра азыхиоуп агуманитартә миссиа аполитикатә ала аԥсахра иашьҭам зегьы аус рыцура. 

Ҳара иарбанызаалак аҭагылазаашьақәа рҟны ҳаинырыр ҳалшоит, аха «зхаҵарада алахалара аполитика» мап ацәаҳкуеит асеиԥш иажәхьоу астереотипқәа аиҿцәажәаратә процесс алахәылацәа зегьы мап ацәыркырцгьы ааԥхьара ҟаҳҵоит. 

Аԥсны ибзианы еилыркаауеит ари аҩыза аполитика ашәарҭара, иалшо зегьы ҟарҵоит ари асценари аԥырҟәҟәааразы, Урыстәылеи Аԥсни асал рыбжьаҵара алмыршаразы. 

Урыстәылеи атәылақәа жәпаки адгылара зырҭо, ахьыԥшымра аҽазышәара жәашықәсала имҩаԥысуа процессуп. 

Ахьыԥшымра аҭаххара иарбанызаалак политикатә дискуссиак иамаҭәарны иҟаӡам. Убри азы абри аганахь ала иарбанызаалак аполитика лшара аиураны иҟам. 

Аԥсны жәларбжьаратәи азхаҵара аиура аҽазышәара иаҿагыло еилыркаауазароуп ари ажәлар рзы акрызҵазкуа аҽазышәара алацәажәара ҟалашьа шамам уи иахҟьаны Аԥсны анырразы иҟоу аканалқәа зегь аркхаргьы».

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: