Даур Ақаҩбеи Федерико Диспензеи реиԥылара мҩаԥысит

Даур Ақаҩбеи Федерико Диспензеи реиԥылара мҩаԥысит
7 November 2019 957

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи Аахыҵ Кавказ аҟны ООН аҿиара апрограмма (UNDP) апроектқәа рзы амениџьер Федерико Диспензеи еиԥылеит абҵара 7 рзы. Аиԥылара иалахәын Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа Рдепартамент аиҳабы Артур Гагәылиеи Аахыҵ Кавказ аҟны ООН аҿиара апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны апрект азы аҟазауаҩ Симон Агрбеи. 

Ф. Диспенза аминистр изеиҭеиҳәеит Аԥсны ақыҭанхамҩатә ҭыԥқәа рыҿиаразы Евроеидгылеи Аахыҵ Кавказ аҟны ООН аҿиара апрограммеи (UNDP) еицымҩаԥырго апрограмма анагӡареи аԥеиԥши ртәы.

Аминистр иазгәеиҭеит жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи аминистрреи реинырра аҵак ду аманы ишишьо, ООН Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы зымҩаԥгара иаҿу апроектқәа ԥхьаҟазы хра рымны ишыҟало. Убри аан иҳәеит Аԥсны атәылауаа аусурҭатә ҭыԥқәа рызҭо апроектқәа хра рыманы рыҟазаара дшадгыло.

Аԥсны ақыҭанхамҩатә ҭыԥқәа рыҿиаразы Евроеидгылеи Аахыҵ Кавказ аҟны ООН аҿиара апрограммеи (UNDP) еицымҩаԥырго апрограмма аусура хацнаркит 2017 шықәса рзы Аԥсны араионқәа хԥа: Гәдоуҭатәи, Гагратәи, Очамчыратәи рҿы.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: