Цәыббра 27 рзы аҽазныкгьы аҽеибанарххеит аерман-азербаиџьан еизыҟазаашьа. Ашьха Ҟарабах арратә ҭагылазаашьеи азеиԥш мобилизациеи рылаҳәоуп. Ареспублика Арцах артиллериала иалахысуеит. Аҭынч уааԥсыра рыбжьара иҟоуп иҭахаз ҳәа адыррақәа аарыцҳауеит.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра Ашьха Ҟарабах иҟоу аҭагылазаашьаз агәҭынчымра анаҭаны адунеитә уаажәларрарахь ааԥхьара ҟанаҵеит Ареспублика Арцах (Ашьха Ҟарабах) аҿагыларатә агрессиа аанкылара иацхраарц, арегион аҿы бџьаршьҭыхлатәи аимак аибарххара аҭышәныртәалараз аҭагылазаашьақәа аԥырҵарц.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы иазгәарҭоит аимак иахьазы аус зуа жәларбжьаратә механизм – ОБСЕ Минсктәи агәыԥ аҳәаақәа ирҭакны аимак ҭынчымҩала аҭышәныртәалара ада аҽа мҩакы ыҟамкәа ишырбо.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра Ашьха Ҟарабах иҟоу аҭагылазаашьаз адунеитә уаажәларрарахь ааԥхьара ҟанаҵеит

27 September 2020 468