Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аҳәамҭа

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аҳәамҭа
13 June 2017 868
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны азхьаԥшра арҭеит Литва Адәныҟатәи аусқәа рминистр, иара Қырҭтәыла усутә визитла даныҟаз иҟаиҵаз аҳәамҭақәа. Аминистр даҭаан дыҟан аԥсуа-ақырҭуа ҳәынҭқарратә ҳәаа иаԥну аҭыԥқәа. Уа иара ааԥхьара ҟаиҵеит Аԥсны азхамҵареи аҭахкаареи рус иацҵазарц, иара убасгьы урыстәылатәи амчрақәа атәыла аннаксиа азыруит ҳәа азгәеиҭеит.
Акыршықәса ҵуеит аԥсуа ган мраҭашәаратәи атәылақәак рофициалтә хаҭарнакцәа рҟынтәи иобиективу ахәшьарақәа амаҳауеижьҭеи.
Абри аганахь ала уахәаԥшуазар Литва Адәныҟатәи аусқәа рминистр иҳәамҭа џьоушьартә иҟаӡам. Уи аҽазныкгьы ишьақәнарӷәӷәоит Қырҭтәыла аиҳабыра иҟарҵалакгьы адгылара шарҭоу.
Аминистр игәаларшәазар ахәҭоуп Литва, ақырҭуа ар реиҭашьақәыргылара зџьабаа аду, уи абџьарла еиқәзыршәо Евроеидгыла ишалахәылоу иара убри алагьы Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рганахь ала ақырҭцәа рреваншисттә қәгыларақәа адгылара шарҭоу.
Иуҳәар ауеит 2008 шықәса рзы Саакашвили ихациркыз ашьаарҵәыратә еибашьра Литвагьы алахәын ҳәа. Идыру акоуп аҵыхәтәантәи ажәашықәса Литва имҩаԥнаго Урыстәыла иаҿагылоу аполитика шакәу.
Ҳәарада асеиԥш аҭагылазаашьа аан иарбанызаалак обиективрак азыԥшра лҵшәадоуп.
Абри инадҳәаланы Литва Адәныҟатәи аусқәа рминистр агәра иҳаргар ҳҭахуп иҟаиҵаз аҳәамҭақәа адекларативтә ҟазшьа рыманы ишыҟоу, ареспублика ԥхьаҟатәи аҿиарагьы анырра шарымҭо.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: