Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭа

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭа
5 May 2022 475

Қырҭтәыла жәларбжьаратәи аплошьчадкақәа зегьы рҿи аинформациатә ҵакыраҿи 2008 шықәса раахыс ахы ианархәоит «аоккупациа зызуу аҵакырақәа» рзы атезис. Уи инақәыршәаны Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи Урыстәыла иампыҵахалан иҟоуп ҳәа иршьоит.

Аоккупациа зызуу аҵакырақәа рконцепциа Қырҭтәыла жәларбжьаратәи аполитикаҿы аԥыжәара амоуп.

Қырҭтәыла аганахь ала еснагь иуаҳауеит ҵаҵӷәы змам ахарахаҵара – «аоккупациа» Урыстәыла имҩаԥнагоит ҳәа. Қырҭтәыла ари аҩыза аҳәамҭақәа Америкеи Мраҭашәара егьырҭ атәылақәеи адгылара арҭоит.

Абри инадҳәаланы иазгәаҭатәуп аоккупациатә режим ҳәа изышьҭоу жәларбжьаратәи адокументқәа: «Аибашьра азакәанқәеи аҵасқәеи Рконвенциа», «Аибашьраан аграждантә уааԥсыра рыхьчараз Женеватәи аконвенциа», «Бџьаршьҭыхлатәи аимак аан акультуратә малқәа рыхьчараз аконвенциа» уҳәа анорматив-зинтә актқәа иҳәаақәырҵоит.

Абас ала иахьазы аус зуа жәларбжьаратәи азин анормақәа инарықәыршәаны арратә оккупациа ҳәа иршьо аибашьратә ҭагылазаашьа иахҟьаны аамҭала тәымтәылак аҵакыра аҽа тәылак ар иаанкылан ианрымоуи ари аҵакыраҿ дара напхгара аныҟарҵои ауп. Қырҭтәыла аоккупациа зызуу аҵакырақәа ҳәа изышьҭоу рзы аконцепциа аиаша зынӡаскгьы иақәшәом.

Ҿырԥшыс иааугар ауеит 2003 шықәсазы Америкеи иара адгылаҩцәеи Ирак рақәлара. Аоккупациа ззыруыз ари атәылаҿы иаԥҵан Ирак аамҭалатәи акоалициатә напхгара. Урҭ ЕАА амчрақәа рнапаҵаҟа иҟан. Асеиԥш иҟоу аҿырԥштәқәа ЕАА имҩаԥнаго аполитика аоккупациа ҳәа ишьо акритериқәа ирыҵаркуиет.

Қырҭтәыла аоккупациа зызуу аҵакырақәа ҳәа изышьҭоу рзы аконцепциа ари аиаша зынӡаскгьы иақәшәом.

Аԥсны Аҳәынҭқарраҿ иҟоу аҭагылазаашьа жәларбжьаратә зхаҵара змоу аоккупациа акритериақәа иарбанызаалак ирықәшәом. Аԥсны Аҳәынҭқарра ихьыԥшым ҳәынҭқарроуп. Ара азакәаншьаҭа рыманы аҳәынҭқарратә мчратә усбарҭақәа алхуп, урҭ адәныҟатә цхыраарада атәыла анапхгара мҩаԥыргоит.

Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа мҽхакыҭбаала аҳәынҭқаррабжьаратә еиқәшаҳаҭрақәа ҵаҵӷәыс ирымоуп, урҭ астратегиатә ҟазшьа рымоуп, жәларбжьаратәи азин анормақәа зегьы ирықәшәоит.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: