Украина иҟоу аҭагылазаашьазы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭа

Украина иҟоу аҭагылазаашьазы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭа
2 March 2022 553

2014 шықәсазы Украина аҳәынҭқарратә шьақәгылара еиҭакны амчрахь инеиит мраҭашәаратәи апроект «анти-Россия» арадикалцәа. Дара ридеологиа иаҵанамкит Украина алада-мрагыларахьтәи ахәҭаҿы инхоз аурысқәа. Аа-шықәса инарзынаԥшуа ари арегион ауааԥсыра украинатәи амчрақәа рганахь ала аџьамыӷәа иҭагылан. Аграждантә обиектқәа аракетақәа рыла ириехсуан, абомбақәа рықәрыжьуан.

Рамчра ҿыцқәа рхымҩаԥгашьа згәы нанамыгӡоз аурысқәеи украинааи ақәыӷәӷәара рзыҟарҵон. Украинатәи амчрақәа рхатә тәылауаа массала ацәгьа рыдҟарҵалон, иқәырхуан.

Лаҵара 2, 2014 шықәса рзы Одесса ақалақь Азанааҭеидгылақәа Рыҩны аҿы арыцҳара ду ҟалеит. Жәаҩыла хара здымыз ауаа рыԥсы шҭаз ирыблит. Убри аан адунеижәларбжьаратә еилазаара иҟалаз ахҭыс аобиективтә хәшьара арымҭеит. Иара аиҿкааҩцәа иахьагьы хьаа рымаӡамкәа рус бааԥс иацҵо украинатәи ақалақьқәа ирылоуп. Есышықәса лаҵара 2 азы Одесса еизоит иҭахаз згәалашәо, иҟалаз зхамшҭуа адунеижәларбжьаратә еилазаарахь ахара зду ахьдырхәырц аҳәара ҟаҵо. Аха уи ҭак уаҩы иеиҭом.

Жәларбжьаратәи аилазаара егьырҭ украинатәи ацәгьоурақәагьы рымбоушәа ҟарҵоит. Ҳара иаҳхашҭуам Лугански Донецки иҭахаз ахәыҷқәа, Одесса инаркны Харьковынӡа, Николаев инаркны Запорожиенӡа аполитика иахырҟьаны иҭаркуаз. Урҭ рыгәҭа иҟан зцәа зтәымыз аҳәса, ақәыԥшцәа.

Имаҷҩымызт Украина ауааԥсыра ари ақәыӡбара иазыԥшыз. Ҳара ҳадгылоит Урыстәыла ахада аҭынч уааԥсыра рыхьчара, ацәгьоуцәа рыԥшаара иҽазышәара. Урыстәыла Арратә мчрақәа аоперациа ҷыда аҳәаақәа ирҭагӡаны Дейиҭадырхо арратә инфраструктуроуп.

Иуадаҩу адунеижәларбжьаратә ҭагылазаашьаан Аԥсны Урыстәылеи иареи реиҩызара апринципқәа ирыцәхьаҵуам. Аԥсны ахада иӡбамҭа инақәыршәаны ҳтәыла ДЖәР-и ЛЖәР-и рхьыԥшымра азхаҵоуп. Ареспублика ҿыцқәеи ҳареи аизыҟазаашьақәа ҳаҭырла, зинеиҟарала иҳабжьаҳҵоит.

Иахьа Мраҭашәара Европеи Урыстәылеи иҟоу НКО рхы иархәаны аҽазнашәоит массала иаладырҵәарц атезис: «сахьоурысу сацәыԥхашьоит». Активла ахархәара рырҭоит асоциалтә ҳақәа, акультуреи ашоу-бизнес ахаҭарнакцәеи. Арҭ амшқәа рзы акраҵанакуаны иҟоуп Урыстәыла Донецк, Луганск, Украина аҭынч уааԥсыра рыхьчаразы иҟанаҵо адгылара.

Агәра аагоит аоперациа ҷыда қәҿиарала ишхыркәшахо, хара имгакәа аиашареи азакәани ари атәылаҿы аҳра руа ишыҟало.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: