Даур Ақаҩбеи Игорем Каграманиани Москва еиԥылеит

Даур Ақаҩбеи Игорем Каграманиани Москва еиԥылеит
21 July 2020 625

Ԥхынгәы 20 рзы Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрраҿы имҩаԥысит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи Урыстәылатәи Афедерациа Агәабзиарахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Игор Каграманиани реиԥылара.

Аиԥылараан ирылацәажәан короновирустә инфекциа аламырҵәара азҵаарақәа, Аԥсны амедицинатә усҳәарҭақәа COVID-19 иаҿагыланы русура аҭагылазаашьа.

Аганқәа еиқәшаҳаҭхеит Урыстәылатәи Афедерациа Агәабзиарахьчара аминистрра, Роспотребнадзор, Краснодартәи атәылаҿацә Агәабзиарахьчара аминистрра рҟынтәи аҟазауаа аԥышәа аимдареи адиагностикатә уснагӡатәқәеи рымҩаԥгаразы Аԥсныҟа рааразы.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: