Даур Ақаҩба Шьамтәыла Жәларбжьаратәи аконференциа аартра далахәуп

Даур Ақаҩба Шьамтәыла Жәларбжьаратәи аконференциа аартра далахәуп
11 November 2020 852

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба далахәын ахҵәацәа рыԥсадгьыл ахь рырхынҳәразы Жәларбжьаратәи аконференциа аартра.


Аконференциа иалахәын жәабала атәылақәа рҟынтәи адипломатцәа, жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа.


Аконференциа амшхәаԥштә иазҵаараны иҟан ахҵәара зықәшәаз шьамтәылаа рыԥсадгьыл ахь рыхынҳәраз иахәҭаны иҟоу амеханизмқәа рыԥшаареи иҟалар зылшо апроблемақәа раԥыхреи.


Шьамтәылатәи Арабтә Республика анапхгара аибашьраан Шьамтәыла аҵакыра ааныжьны иқәҵыз рџьынџьуаа рахь ааԥхьара ҟарҵеит рҭоурыхтә ԥсадгьыл иазыхынҳәырц. Шьамтәыла аофициалтә мчрақәа азыхиоуп ихынҳәуа ахҵәацәа шәарҭара рымамкәа рыԥсадгьыл аҿы инхартә аиԥш аҭагылазаашьақәа рзаԥҵара.


Иахьатәи аамҭазы 6,5 миллионҩык шьамтәылаа ареспублика анҭыҵ инхоит.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: