Аԥснытәи аделегациа адипломат ҿарацәа еидызкыло VI Аглобалтә форум рхы аланархәуит

Аԥснытәи аделегациа адипломат ҿарацәа еидызкыло VI Аглобалтә форум рхы аланархәуит
21 August 2023 163

Нанҳәамза 17 – 21 рзы Казань ақалақь аҿы имҩаԥысуан адипломат ҿарацәа еидызкыло VI Аглобалтә форум. Уи рхы аладырхәуеит 40 тәыла рҟынтәи алахәылацәа 130-ҩык. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҟны иҟоу адипломат ҿарацәа Рхеилак анаԥхьарала Аԥснытәи аделегациагьы.

Афорум атема хаданы иҟоуп иҿыцу азинеиҟаратә дунеи адипломатиеи ҳаамҭазтәи жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рҿы аинформациатә шәарҭадареи, Урыстәыла аинтересқәа аҳәаанырцә хареи аҳәаанырцә ааигәеи рҿы раларҵәареи рызҵаарақәа.

Адипломат ҿарацәа еидызкыло VI Аглобалтә форум шьаҭаны иамоуп еиҟароу адипломатиа апринцип, иазырхоуп жәларбжьаратәи аренаҿы агәреибагареи аилибакаареи рырӷәӷәара.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: