Инал Арӡынбеи Ҭырқәтәыла иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩи еиԥылеит

Инал Арӡынбеи Ҭырқәтәыла иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩи еиԥылеит
29 June 2023 432

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Ҭырқәтәыла иҟоу азинмч нагӡеи анапынҵа ҷыдақәеи змоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Ерхови еиԥылеит. 

Аиԥылара мҩаԥысит Анкара иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭаҿы.

Уаҟа ААР ахада дигәалаиршәеит 2016 шықәсазы атеракт аан ишьыз Ҭырқәтәыла иҟаз Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Андреи Карлов.

Арӡынбеи Ерхови наҟ-ааҟ аинтересс ззеицрымоу азҵаарақәа ирзааҭгылеит. Аганқәа иара убасгьы иалацәажәеит Аԥсни Урыстәылеи рыдәныҟаполитикатә усбарҭақәа русеицура амеханизм ашьақәыргылара, еицырзеиԥшу апроектқәа рынагӡара.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: