Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи апартиа "Аԥсадгьыл" (Vatan Partisi) ахантәаҩы Догу Перинчеки еиԥылеит

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи апартиа "Аԥсадгьыл" (Vatan Partisi) ахантәаҩы Догу Перинчеки еиԥылеит
29 June 2023 301

Рашәара 22, 2023 шықәсазы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи апартиа "Аԥсадгьыл" (Vatan Partisi) ахантәаҩы Догу Перинчеки еиԥылеит Стампыл ақалақь аҿы.

Догу Перинчек иҳәеит: «Ҳара иаҳхықәкы хаданы иҟоуп Ҭырқәтәыла Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵарц. Агәра шәсыргоит ҳаицусуреи ҳаицҽазышәареи ари аус аҟалара шалдыршо» ҳәа.

Перинчек иара убасгьы иазгәеиҭеит Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аҩадатәи Кипри рыбжьара адиалог аҿиара хра аманы ишибо.

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Ҭырқәтәыла Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵаразы иҟоу алшарақәа дрылацәажәеит апартиа "Аԥсадгьыл" (Vatan Partisi - аред.) Догу Перинчеки иареи реиԥылараан.

"Ҭырқәтәыла Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵара - еицаҳзеиԥшу хықәкуп. Агәра шәсыргәоит, уи хара имгакәа ишалыршахо",- иҳәеит Перинчек.

Уи адагьы, аганқәа аиԥылараҟны иалацәажәеит Аԥсни Аҩада Кипри русеицура аҿиара, иара убас Урыстәыла Украина имҩаԥнаго аоперациа ҷыда, Перинчек иажәақәа рыла, ҭырқәтәылауаа реиҳараҩык уи иадгылоит.

Перинчек иҳәеит «90% Ҭырқәтәыла ауааԥсыра Урыстәыла адәныҟатәи аполитика ишадгыло».

Инал Арӡынба иазгәеиҭеит арратә операциа ҷыда еиҳа инарҭбаау жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рсистема ҿыц шаԥнаҵо.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: