Ажәабжь ҿыцқәа
Аԥсны апавильон ҳаҭыр зқәу асасцәа рхыԥхьаӡараҿы дыҟоуп Шьамтәылатәи Арабтә Республика ахада Аҳмед аш — Шараа иаб, Хәсеин аш-Шараа.
Аԥсны Аҳәынҭқарра апавильон 63-тәи Жәларбжьаратәи Дамасктәи аџьармыкьа иалахәу аҳәынҭқаррақәа рхаҭарнакцәа русуратә еицәажәареи реимадара аҿиареи рзы иаартыз аплошьадкақәа ируакхеит.
28.08.2026 75
Аиԥылара иалахәын Шьамтәыла иҟоу «Адыга Хасе» аиҳабы Хышам Кат, Шьамтәыла Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Иаҳиа Ибрагим, аиҳабацәа Фахми Чычбеи Абдарахман Багасеи, ажәлақәа Гьечба, Аргәын, Арҩҭаа рхаҭарнакцәа.
Нанҳәамза 27, 2026 шықәса рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрраҿы аминистр инапынҵақәа назыгӡо, Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәааи Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи иҟоу Боливариантәи Ареспублика Венесуела аҷыдалкаатә Зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Хесус Рафаель Саласар Веласкеси реиԥылара мҩаԥысит.
27.08.2026 52
Нанҳәамза 27, 2026 шықәса рзы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы аминистр инапынҵақәа назыгӡо, Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәааи Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рҿы иҟоу аҷыдалкаатә Зинмчы змоу Ареспублика Никарагуа ацҳаражәҳәаҩ, адәныҟатәи аполитикеи жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәеи рзы Ареспублика Никарагуа ахада иабжьгаҩ Альба Асусена Торрес Мехиеи реиԥылара мҩаԥысит.
Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭаҿы Адәныҟатәи аусқәа Рминистр Олег Барцыц зхадараҿы дыҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аделегациа аусуратә еиԥылара мҩаԥысит.
Лыԥха змоу Антиохиеи Мрагылара зегьи Рпатриарх Иоанн X аделегациа идикылеит Дамасктәи ирезиденциаҿы.
27.08.2026 63
Аделегациа аилазаара иалоуп адәныҟатәи аусқәа рминистрра астратегиатә усеицура Адепартамент аиҳабы Џьамал Бганбеи Мрагылара Ааигәеи Африкеи Рдепартамент аиҳабы Артур Гагәылиеи.
63-тәи Дамасктәи Жәларбжьаратәи аџьармыкьа аплошьадкаҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра апавильон аартра мҩаԥысит.
27.08.2026 110
63-тәи Жәларбжьаратәи аџьармыкьа аныҳәатә ҟазшьа аҭаны иаадыртит Шьамтәылатәи Арабтә республика аҳҭнықалақь Дамаск.
Нанҳәамза 26, 2026 шықәса рзы Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспубликаҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчы змоу ахаҭарнак Александр Ватамани, Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи Абжьаҟазаратә мчқәа рырратә контингент арратә еиҳабы аполковник Дмитри Сорокини, Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспубликаҿы Аахыҵ Уаԥстәыла аофициалтә хаҭарнакра аиҳабы Витали Ианковскии х-ганктәи реиԥылара мҩаԥысит.
Нанҳәамза 26, 2026 шықәса рзы Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика ахада Вадим Красносельскии ПМР иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчы змоу ахаҭарнак Александр Ватамани ПМР иҟоу Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика аофициалтә хаҭарнакра аиҳабы Витали Ианковскии реиԥылара мҩаԥысит. Аиԥылара иара убасгьы ихы алаирхәит ПМР Адәныҟатәи аусқәа рминистр Витали Игнатиев.
26.08.2026 56
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра анапхгареи аколлективи Аԥсны аҳәынҭқарра ахьыԥшымра Жәларбжьаратәи азхаҵара 18-шықәса ахыҵра аҳаҭыраз Аҟәа ақалақь, Ахьӡ-аԥша Апарк аҿы 1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз рмемориал амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара иазкыз церемониа рхы аладырхәит.
24.08.2026 58
Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Ахсар Џьиоев Германиа Афедеративтә Республикаҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчы змоу ахаҭарнак Хьыбла Амҷԥҳа лыхьӡала аџьшьаратә шәҟәы ишьҭит 2008 шықәса нанҳәамза ахҭысқәа рзы аобиективтә информациа аларҵәаразы лаԥшьгаразы.
24.08.2026 222
Дамаск аҳаирбаӷәазаҿы аделегациа ирԥылеит Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатә Зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Али, иара убас Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәа.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Ареспублика Никарагуа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Вальдрак Џьентске имшира идиныҳәалеит.
21.08.2026 78
Иахьа Аҟәа имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарра раԥхьатәи аҷыдалкаатә Зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Игор Ахба аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагара ацеремониа .
21.08.2026 81
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаараҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа еснагьтәи ахаҭарнак В. А. Небензеи Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рзы апресс-знеишьаан ииҳәаз апозициақәа рганахьала Аԥсны АдәАР иҟанаҵаз ахҳәаа адгылара анаҭоит.
19.08.2026 113
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра гәалсра дула адырра ҟанаҵоит нанҳәамза 18 рзы 77 шықәса дшырҭагылаз, акыраамҭатәи ичымазара бааԥс ашьҭахь, аԥсҭазаара дшалҵыз Игор Мураҭ-иԥа Ахба – Аԥсны иналукааша аҳәынҭқарратә усзуҩ, адипломат, Урыстәылатәи Афедерациаҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра раԥхьатәи Аҷыдалкаатә Зинмчы змоу Ацҳаражәҳәаҩ.