Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Никарагуа амилаҭтә ҳаҭырқәҵара Амш иазку аусмҩаԥгатәқәа ихы рылаирхәит

Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Никарагуа амилаҭтә ҳаҭырқәҵара Амш иазку аусмҩаԥгатәқәа ихы рылаирхәит
5 May 2026 45

Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа, Венесуела иҟоу Ареспублика Никарагуа Ацҳаражәҳәарҭа ааԥхьарала, Никарагуа амилаҭтә ҳаҭырқәҵара Амш иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа ихы рылаирхәит.

Аныҳәа аҳәаақәа ирҭагӡаны Венесуела Амилаҭтә пантеон аҿы Ахақәиҭтәҩы Симон Боливар иҭоубыҭ амҵан ашәҭқәа рышьҭаҵара иазкыз аныҳәатә церемониа мҩаԥысит.

Аусмҩаԥгатә Каракас иҟоу Никарагуа адипломатиатә миссиа еиҿнакааит.

Аныҳәатә усмҩаԥгатә напхгара арҭон Никарагуа Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ-ацҳаражәҳәаҩ Омар Ороскои Венесуела АдәАР Латинтәи Америка аусқәа рзы аҟәша адиректор хада Ирене Рондони.

Ацеремониа рхы аладырхәит Венесуела аккредитациа змоу адипломатиатә миссиақәа рыцҳаражәҳәаҩцәеи рхадацәеи, Венесуела АдәАР ахаҭарнакцәеи, иара убас амассатә информациа ахархәагақәа рхаҭарнакцәеи.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: