Адәныҟатәи аусқәа рминистр иҳәамҭа

Адәныҟатәи аусқәа рминистр   иҳәамҭа
9 December 2024 116

Аԥсны анапхгареи ажәлари Шьамтәыла имҩаԥысуа ахҭысқәа рыхшыҩ азышьҭны ирыцклаԥшуеит.

Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрра агәыӷра амоуп, Шьамтәыла асуверенитети аҵакыратә акзаареи Шьамтәыла ажәлар ринтересқәа ирықәшәо еиқәырхахап ҳәа.

Аибашьратә кризис аанкыламхар – арегионалтә шәарҭадара мацараз адагьы, адунеизегь азгьы ишәарҭоу ахҟьаԥҟьақәа рахь икылнагар алшоит.

Шьамтәыла ажәлар рхақәиҭреи ргәазыҳәареи ҳаҭыр ақәҵо Аԥсны азхиоуп атәылаҿ закәаншьаҭала иалырхуа анапхгара аус ацура.

Иуадаҩу ари аамҭазы, ҳара агәыӷра ҳамоуп, аганқәа зегьы аҟәыӷара аадырԥшып, ақәымчра ахархәара рҽацәырыхьчап, аиҿцәажәареи аҩныҵҟатәи аполитикатә еимак аӡбаразы иманшәалоу аҭагылазаашьеи раԥҵара рҽазыршәап ҳәа.

Шьамтәылатәи аиашьаратә жәлар аҭынчреи, аринахысгьы ашәҭыкакаҷреи аизҳазыӷьареи рзеиӷьаҳшьоит.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: