Александр Ватаман Урыстәылатәи Афедерациа аҭынчрахьчаратә мчқәа Приднестровиа иалагалоижьҭеи 33 шықәса аҵра иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа ихы рылаирхәит
Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспубликаҿы азинмчы наӡа змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ахаҭарнак Александр Ватаман Урыстәылатәи Афедерациа аҭынчрахьчаратә мчқәа Приднестровиа иалагалоижьҭеи 33 шықәса аҵра иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа ихы рылаирхәит.
Аҭынчра ахыргьагьа «Лыԥха змоу аҭынчрахьчаҩцәа» аҿаԥхьа аусмҩаԥгатәқәа хацыркхеит. Александр Ватаман уа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭеиҵеит.
Аусмҩаԥгатә хыркәшахеит Аҳаҭыртә ҟараул аротеи иара убас Урыстәылеи Приднестровиеи рҭынчрахьчаратә мчқәа рырхәҭақәеи рымҩанысрала. Ари – акзаареи, арра иашьаратә доуҳа адгылареи, аколлективтә шәарҭадара аиқәырхареи ирзырхоу ауснагӡатәқәа ирсимволны иҟалеит.
Александр Ватаман Урыстәылатәи Афедерациа аҭынчрахьчаратә мчқәа Приднестровиа иалагалоижьҭеи 33 шықәса аҵра иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа ихы рылаирхәит
30 July 2025 157