Никарагуа иҟоу Урыстәылатәи Ацҳаражәҳәарҭа ааԥхьарала, Никарагуа иҟоу аҷыдалкаатә напынҵақәеи азинмчнагӡеи змоу Аԥсны Ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариеи Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Алиас Аибеи Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Александр Хохоликов идипломатиатә миссиа ахыркәшара иазкыз аныҳәатә-дкылара рхы аладырхәит.
Александр Хохоликов Никарагуатәи иколлегацәеи, аус зциуаз Никарагуа аккредитациа змоу адипломаттә корпус ахаҭарнакцәеи ҭабуп ҳәа реиҳәеит ари атәылаҿы имаз аусуралшараз, иазгәеиҭеит Никарагуа анхареи аусуреи гәахәара дус ишиԥхьаӡоз.
Никарагуа иҟоу аҷыдалкаатә напынҵақәеи азинмчнагӡеи змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариеи урыстәылатәи адипломати реицәажәараан шықәсырацәалатәи русеицуразы ҭабуп ҳәа иеиҳәеит, Александр Хохоликов аԥсуа-аурыс дипломатиатә усеицура арӷәӷәараҿы иҟаиҵаз илагала азгәеиҭеит.
Аныҳәатә-дкылара рхы аладырхәит: Никарагуа Амилаҭтә Еизара ахадаГуставо Поррас, Никарагуа атәыла ахада иабжьгаҩ Лауреано Ортега, Никарагуа аҳәынҭқарра аиҳабыра алахәылацәа, Никарагуа аккредитациа змоу адипломатцәа.
Инар Ладариа Никарагуа иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Александр Хохоликов идипломатиатә миссиа ахыркәшара иазкыз аныҳәатә-дкылара далахәын
1 October 2024 105