Хәажәкыра 29 азы Амилаҭрацәатә ҳәынҭқарра Боливиа Ацҳаражәҳәарҭа анаԥхьарала Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны азинмчра нагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа ихы алаирхәит амшын Амш 144 шықәса ахыҵра иадҳәалоу ауснагӡатә.
Ауснагӡатә иара убасгьы иалахәын Никарагуа аккредитациа змоу адипломатиатә миссиақәа рхаҭарнакцәа, аҵарауаа, Никарагуа амилаҭтә Университет астудентцәа.
Инар Ладариа ауснагӡатә ихы алаирхәит
4 April 2023 245