Манагуа имҩаԥысит раԥхьатәи жәларбжьаратәи афорум«Никарагуа аекспорт мҩаԥнагоит 2025: Аекспорттә лшарақәа аџьармыкьа ҿыцқәа рахь рнагара» аартра иазкыз аныҳәатә церемониа.
Аекономика агәацԥыҳәареи, аекспорт адиверсификациеи, аҳәаанырцәтәи аинвестициақәа радыԥхьалареи ирызку аусмҩаԥгатә иаҭааит Ареспублика Никарагуа иҟоу аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариеи абжьгаҩ-цҳаражәҳәаҩ Алиас Аибеи.
Ацеремониа иалахәын Никарагуа аиҳабыра рхаҭарнакцәа: атәыла ахада иабжьгаҩ Лауреано Ортега, ахәаахәҭра аминистр Ервин Колиндрес, Амилаҭтә банк ахантәаҩы Овидио Реиес.
Ас еиԥш акрызҵазкуа аекономикатә хҭыс аҽалархәра инаҵшьны иазгәанаҭоит ареспублика Аԥсни аиашьаратә Республика Никарагуеи рыбжьара ахәаахәҭра-економикатә усеицура арӷәӷәареи, аҩ-ҳәынҭқаррак рзы иҿыцу алшарақәа рыҭҵаареи рзы иҟоу азҿлымҳара ду.