2024 шықәса абҵарамза 27 рзы Никарагуа иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Михаил Ледениов раԥхьаӡа акәны Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа даҭааит.
Никарагуа иҟоу аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа иколлега гәык-ԥсыкала дидикылеит.
Аиԥылараан адипломатиатә миссиақәа рнапхгаҩцәа еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара ҩ-ганктәи аусеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит, ацҳаражәҳәарҭақәа аринахысгьы русеицура ацҵаразы еиқәшаҳаҭхеит.
Аиԥылара ахыркәшамҭаз аганқәа агәалашәаратә ҳамҭақәа еимырдеит.
Аиԥылара мҩаԥысит аԥхарреи аиҩызаратә ҭагылазаашьеи аманы.
Инар Ладариа Михаил Ледениов диԥылеит
28 November 2024 77